Аԥсны

"Ԥсоу" аҳәааҿы аиҿахысразы гәҩарас ирымоу рырбаандаҩразы аматериалқәа аӡбарҭахь инашьҭуп

Sputnik
АҞӘА, рашәара 26 - Sputnik. Ашьаусԥшаара еиқәыршәаны аӡбарҭахь инанашьҭит "Ԥсоу" аҳәааҿы аиҿахысразы гәҩарас ирымоу рырбаандаҩразы аматериалқәа.
Баҭал Гоџьуа, Беслан Гоџьуа, Константин Чаговец закәанла раанкылара аҿҳәара нҵәоит уаҵәы асааҭ 15:00 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Гагра араион апрокуратураҿы.
Уанӡа аӡбарҭа раанкылашьа иазку азҵаара иахәаԥшроуп. Апрокуратура урҭ ҩымз ҳәа ирбаандаҩызарц аҳәара ҟарҵоит.
"Ԥсоу" аҳәааҿы иҟалаз аиҿахысра иахҟьаны аӡәы дҭахеит, хҩык ахәрақәа роуит. Иҟоу адыррала, шьоукы амазара еимактәыс ироуит.
Ацәгьоура руит ҳәа гәҩарас ирыманы рашәара 24 рзы иаанкылан Аԥсны атәылауаа Константин Чаговец, аишьцәа Баҭали Беслани Гоџьуаа. Даҽаӡәы Шәача даанкылан.
Ԥыҭрак ашьҭахь, рашәара 26 рзы АҩАР аусзуҩцәа иааныркылеит даҽа хҩык — Аслан Какалиа, Беслан Какалиа, Игорь Чаговец.