Аԥсны атәылауаҩразы азакәан аԥсахрақәа ралагалара қьарс иалоу, урҭ лҵшәас иаҳзааргар рылшо, арадио Sputnik аефир аҟны адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" аҿы ргәаанагара рҳәеит Жәлар Реизара адепутат, аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак иалахәу Адгәыр Ҳаразиа, Аԥсуа-абаза конгресс ахаҭарнак Ҭемыр Рекәаа, Жәлар Реизара адепутатс иҟаз, Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс аус зухьоу Аслан Кобахьиа.
Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа лаҵарамзазы актәи аԥхьараҟны азакәан апроект рыдыркылеит "Аԥсны атәылауаҩразы" азакәан аԥсахрақәа алагаларазы. Азакәан апроект инақәыршәаны Аԥсны атәылауаҩра аиуразы арзаҳал алазҵаз аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змами анхаразы ашәҟы анроу инаркны атәылауаҩра роурц арзаҳал аналарҵеи, инеиԥынкыланы араҟа рынхара 25 шықәсанӡа аҽҳәара иацҵоуп мамзар инеиԥынкыланы 10 шықәса инхозароуп Аԥсны жьҭаара 12, 1999 шықәса инаркны. Убасгьы азакәан апроект аҟны иарбоуп ачарқьазцәа (аедыгьцәа) рхылҵшьҭрақәа Аԥсны атәылауаҩра роур шыҟало атәы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.