Рашәарамза 28 рзы аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысуеит акциа “Ақалақь цқьа”. Ақалақьтә усбарҭақәеи, анаплакқәеи, анхарҭа ҭыԥқәеи зегьы рааигәа-сигәа арыцқьаратә усурақәа мҩаԥыргароуп. Ақалақь ахадара ари аус аҟны иабанӡацхыраагӡахо, ауаа абанӡазҿлымҳау, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа анџьныр Аслан Ломиа.
Ақалақь анапхгара, анаплакқәа, Аҟәа аԥшаҳәа адгьылҵакыраҿы идрыцқьоит. Дара маҭәахәыла еиқәыршәахоит, еизырго агәамсам ықәгахоит ҳәа адырра ҟаиҵеит Ломиа.
Иара иазгәеиҭеит, ақалақь ауааԥсыра зегьы акциа шрылаҳәоу, доусы рынхарҭатә ҭыԥ иаҵанакуа адгьыл аҿы идрыцқьарцаз.
"Абжьааԥны ауаа маҷны рхы аладырхәоит арыцқьара мшы анрылаҳҳәо. Аҽны зегьы аусура аҟынтә рхы иақәиҭуп. Усурас иҟоу арыцқьароуп", - иҳәеит Ломиа.
Иара еиҭеиҳәеит, аԥхын аамҭазы акоммуналтә усбарҭақәа аус шыруа атәы, аусуҩцәа рыла иахьынӡеиқәшәо, насгьы амшцәагьақәа рышьҭахь ақалақь аҩнуҵҟа ишьақәгыло аҭагылазаашьа атәы.
Аиҿцәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.