Арадио

Гамгьиа еиҭеиҳәеит араионтә хәышәтәырҭазы УЗИ азы амаруга ҿыц аахәара шалыршахаз

УЗИ азы амаруга ҿыц ықәыргылоуп Галтәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы. Уи аҳақьымцәеи ақалақь ауааԥсыреи рус ахьынӡарманшәало атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гамгьиа.
Sputnik
Уажә аԥхьа ирымаз аппарат, Гамгьиа иажәақәа рыла, 13 шықәса аус ауит, акыргьы ачҳаит ҳалашара шыҟоу ала, инаҵишьит иара.
УЗИ акомплект зегьы х-миллионк мааҭ ҳәа иаагоуп. Иара ианааргоз аспециалист дацны дааит, иамаз акәамаҵамарақәа зегьы аҳақьымцәа ирзеиҭеиҳәеит.
"Мчыбжык ҵуеит аус ауеижьҭеи аппарат. 60-ҩык ахысхьеит - зцәа зтәымкәа иҟоу аҳәса, ахәыҷқәа, абыргцәа. Аҳақьымцәа иргәаԥхоит аус шауа. 3D, 4D, ҳәа изышьҭоугьы иқәҳаргылар ҳҭахуп, аспонсор дҳаԥшаар", - иҳәеит Гамгьиа.
Аҳақьым иажәақәа рыла, Галтәи араионтә хәышәтәырҭахь иаауеит Тҟәаралнтәи, Очамчырантәи ауааԥсыра. Урҭ зегьы рыдкылара иазыхиоуп.
"Аԥхын аамҭазы ҳусура иагхоит, избанзар Гал ауааԥсыра изылшо зегьы Пицундаҟа, Гаграҟа аусура ицоит. Ауаа рхыԥхьаӡара иаҳа имаҷхоит. Егьыс, ахәышәтәырҭа еиқәшәоуп аҳақьымцәа рыла", - иҳәеит Гамгьиа.
Аиҿцәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.