Аԥсны

Хьыбба еиҭеиҳәеит Аԥсны аҭоурых ахыҵхырҭақәа рзы ауадаҩрақәа ртәы

Sputnik
Аԥсны ахада иҟны иаԥҵоу Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак имҩаԥнагаз "Аԥсны аҭоурых ахыҵхырҭақәа" захьӡу астол гьежь иалахәыз ААУ аспирант Даур Хьыбба арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит, аҭҵааратә усумҭақәа ишахәҭоу аус рыдуларцаз, аматериалқәа инарҵауланы ишыҭҵаатәу, ирацәаны ахыҵхырҭақәа шаҭаху. Ҷыдала иара иҭҵаарадырратә тема Аԥсны аҭоурых 1921-1931 шш. ирыбжьанакыз аамҭазы иҟаз аполитикатә ҭагылазаашьа иазкуп, аха уи атәы зҳәо ахыҵхырҭақәа рыԥшаара ауадаҩрақәа ацуп иҳәеит. Хьыбба игәаанагарала, Аԥсны аҭоурых аҭҵаараҿы аԥсуа хыҵхырҭақәа рыдагьы, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҵарауаа рхыҵхырҭақәагьы ахархәара рымазароуп. Шәахәаԥш инарҭбаау авидеонҵамҭа.