Арадио

Амҷба Очамчыра араион ашколқәа рҭагылазаашьа атәы еиҭеиҳәеит

Очамчыра араион аҵара аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Вахтанг Амҷба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусбарҭа иаҵанакуа ахыбрақәа реиҭашьақәыргыларазы ирымоу апланқәа ртәы.
Sputnik
Араион аҿы 26 школи хәыҷбаҳчаки ыҟоуп. Ахәыҷбаҳча ҿыцуп, уаҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа азгәаҭан иҟам, ҳәа иҳәеит Амҷба. Ашколқәа ракәзар, рҭагылазаашьақәа еиуеиԥшым.
"Зегь реиҳа ацхыраара рҭахуп Мықәтәи ашколқәа рыҩбагь, иара убас, Ԥақәашьтәи аҩбатәи ашкол. Уаҟа аԥенџьырқәа ыҟоуп, ихыбуп, аха аҩнуҵҟа акласcтә уадақәа ҟаҵатәуп. Аҭагылазаашьа бааԥсуп Очамчыратәи ақалақьтә школ аҿгьы. Акыр шықәса ҵуеит, ашкол абжа аркны иҟоижьҭеи", - ҳәа иҳәеит Амҷба.
Аҵарашықәс анҵәамҭазы ашколқәа рнапхгаҩцәа ирыҭан адҵа, зда ԥсыхәа ыҟам аусурақәа рсиа ҟарҵарц. Макьана еилкааны иҳамам, аусурақәа ахьымҩаԥгахо, иазгәеиҭеит Амҷба.
Аспорттә дәқәеи аспортзалқәеи дырзааҭгыло Очамчыра араион аҵара аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ иҳәеит Џьгьардатәи абжьаратә школ аҿы ҭбаала аусурақәа шцо. Абҩарҵәыреи аспорти ашколқәа рҿы игәықәҭыжьны иҟаӡам, аспорттә дәқәа иҟарҵаз аус руеит, сынтәа х-школк рҿоуп аусурақәа ахьымҩаԥгаз, хәыҷы-хәыҷла ари аус цоит иҳәеит Амҷба.