Мшаԥы 28 инаркны аԥсшьарҭатә комплекс аус ауеит. Ари аамҭа иалагӡаны 4000 -ҩык рыԥсы ршьахьеит. Иахьазы акомплекс аҿы 1700-ҩык ыҟоуп. Уи ҵыԥх аасҭа имаҷуп, иҳәеит Қьырҭбаиа.
"Пицунда бзиа ирбоит аԥсшьаҩцәа. Ара аҟәара ԥшӡоуп, аҳауа цқьоуп, убри аҟынтә иаҳҭаауа рацәаҩуп", - иазгәеиҭеит иара.
Қьырҭбаиа еиҭеиҳәеит аӡын иалагӡаны имҩаԥгаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәеи аԥсшьацәа рыдкылара рышҽазыҟарҵози ртәы.
Аиҿцәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.