Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Ашәба иқыҭа Ӷәадеи иареи еидызҳәало иазкны

Sputnik
Аҟәа инхо, аха ақыҭа иадҳәалоу Гәдиса Ашәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, ақалақь ахь анхара ҳәа ииасра зыхҟьаз, иқыҭа гәакьа Ӷәада заанимыжьуа, уи изацу агәыбылра, анхара-анҵыра иацу аџьабаа атәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.