Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Дбарԥҳаи Кәыҵниаԥҳаи медалла рҵара ахыркәшара иазкны

Sputnik
Сынтәа аԥснытәи ашколқәа ирылгеит 1900-ҩык, урҭ рҟынтәи ахьтәы медал ала – жәҩык, араӡны медал ала – хҩык. Амедалқәа рыла ашколқәа ирылгаз аушьҭымҭацәа Аҟәа рҳамҭақәа ранаршьеит.
Хьтәы медалла ашкол иалгаз Аҟәатәи актәи абжьаратә школ аушьҭымҭа Нара Дбарԥҳаи Аҟәатәи афбатәи ашкол аушьҭымҭа Нестор Кәыҵниеи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит амедал аиура ирзацыз агәыхыҭхыҭра атәы, дара рдыррақәа зыршаҳаҭуаз аԥышәарақәеи агәаҭарақәеи ишырхысуаз, насгьы ԥхьаҟатәи рымҩа шалырхыз.
Аиҿцәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.