Арадио

Афырхацәа рымҩала: Надараиа Тамшь адесант аӡхыҵреи ииультәи ажәылареи ирызкны

Sputnik
Тамшь ақыҭан иргәаладыршәеит 31 шықәса раԥхьа ԥхынгәы 2 ауха Мрагыларатәи афронт аҟны имҩаԥгаз ажәылараан иҭахаз ҳаибашьцәа.
Ԥхынгәы 2 1993 шықәсазы 300-ҩык рыла ишьақәгылаз аԥсуа десант уи ақыҭаҿы иӡхыҵит.
Аибашьцәа рҿаԥхьа хықәкыс иқәгылан амҩаду хада аанкылара, ақырҭуа архәҭақәа ацхыраараз Аҟәаҟа раамышьҭра. Убри аан аӷа ааха ирҭар акәын аҩада-мраҭашәаратәи афронт ацәаҳәала. Хымш рҭыԥан ҳаибашьцәа ирылшеит 8 мшы амҩаду аанкылара.
Ииультәи ажәылараҿы иҭахеит 60-ҩык аԥсуа еибашьцәа. Уи ажәылара Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алҵшәа зыӡбаз акәхеит. Акымкәа иманшәаламхаз операциақәа рышьҭахь, аԥсуа архәҭақәа даҽазнык ижәылеит ақырҭқәа ирымпыҵархалаз адгьылқәа рхақәиҭтәразы. Ажәылара иалахәын аҩфронткгьы — Гәымсҭатәии Мрагыларатәии.
Тамшьтәи адесант адҵаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩс иҟаз, Леон иорден занашьоу Ҭемыр Надараиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, избан арҭ арыцхәқәа ргәаларшәара ихымԥадатәны изыҟоу, аветеранцәа ирыҭатәу азҿлымҳәара, игәалаиршәеит ажәылара шаԥшьгаз, уи аиҿкаашьа ахәшьара аиҭеит.
Аиҿцәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.