Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Шьониа Гал араса аҽаҩра зеиԥшроу иазкны

Гал араион агроном хада Лери Шьониа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәа араса аҽаҩразы иззыԥшу, анхацәа уи иадырҳәало ргәыӷрақәа, насгьы егьырҭ ақыҭанхамҩатә культурақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Sputnik
Галаа ҷыдала араса аарыхра рҽадырҳәалоит. Сынтәа аурақәа уаҳа назҭахымкәа ибзиахеит иҳәеит аиҿцәажәараҿы Шьониа.
"Быжьнызықь гектар инахыҳәҳәо араса иаҵанакуеит. Уи анхацәа рхаҭақәа еиҿыркааз арасаҭрақәа роуп. 12-нызықь тонна рҟынӡа аҽаҩра ҳақәгәыӷуеит. Исгәалашәоит аҽаҩра бзиақәа аныҟаз ашықәсқәа 2015, 2016. Усҟан 17-нызықь тонна рҟынӡа еизыргон. Ари аԥсабара иҟанаҵо усуп. Сынтәа ишцо ала даара ибзиоуп", - иҳәеит Шьониа.
Гал араион агроном хада еиҭеиҳәеит, арасаҭрақәа реиқәырхаразы шықәсқәак раԥхьа имҩаԥгаз аусура атәы, уажәы ишахылаԥшуа, ишырхәшәтәуа.
Аиҿцәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.