Арадио

Ҳашыгԥҳа Аҟәа амш азгәаҭаразы: ныҳәа дук ҟаларцаз зегьы ҭакԥхықәрала ҳазнеит

Ԥхынгәы 6 рзы Аҟәа ақалақь амш азгәарҭоит. Ари амш аҽны ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи рзы еиҿкаахо аусмҩаԥгатәқәа рыплан арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, Аҟәа ақалақь ахадара акультура аҟәша аиҳабы Наала Ҳашыгԥҳа.
Sputnik
Ҭакԥхықәрала ҳазнеит апрограмма, аҽазыҟаҵара ҳаҿуп, аусутә даара ирацәоуп, ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ҳашыгԥҳа.
2016 шықәса раахыс уи аныҳәа мҩаԥысуеит, иара ԥхынгәы актәи асабша иақәшәоит.
"Аныҳәа аиҿкаара ақалақь аусбарҭақәа зегьы алахәуп, акоммуналтә усбарҭақәа аус ду мҩаԥыргоит. Аусмҩаԥгатәқәа ахьазгәаҭоу аҭыԥқәа рацәоуп. Ахәыҷқәа рзы апрограмма хазы еиҿкаахоит. Аҽны Донецки Аҟәеи аишьара рыбжьарҵоит, 14 қалақь рҟынтә аделегациақәа ҳарзыԥшуп", - ҳәа лҳәеит Ҳашыг.
Еиҿкаахоит иара убас "Аҟәа ашҭа", аԥсуа чыс ахьӡыргахо, иҟалоит Аҳәанҭқарратә амузеи аҟынтә аекспонатқәа рцәыргақәҵа, иара убас ансамбльқәа рҟазара аадырԥшуеит.
Ҳашыгԥҳа далацәажәеит бреик-данс азы ачемпионат аартра атәы, уи иалахәхо, насгьы аныҳәатә концерт хада аҿы иҟало.
Аиҿцәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.