Асахьаҭыхра бзиа избо, абаҩхатәра змоу ахәыҷқәа ааиуеит ҳара ҳахь, аҭыхра анаҩсгьы акыцлых, ацәамаҭәа иазҟазоу ыҟоуп, ҳәа азагәалҭеит аиҿцәажәараҿы Џьопуаԥҳа.
"Уажәы иалгаз роуп акарантин аамҭаз аҵараиурҭахь иааиз. Уи даара ирԥырхагахеит. Уи ауп 10-ҩык зыҟоу аҿыхынҵа ахырхарҭаҿы, аскульптураҿгьы имаҿуп. Имаҷхеит сынтәа зҵара хзыркәшоз, акарантин шьҭахь ихнымҳәыз рацәахеит", - ҳәа лҳәеит лара.
Џьопуаԥҳа еиҭалҳәеит аҵариурҭаҿы аҿар аусурахь ишааиуа атәы, абиԥарақәа реимдара апроцесс шыҟоу.
Иаарласны асахьаркыратә ҵараиурҭаҿы аҭаларазы ашәҟәқәа рыдкылара иалагоит. Нанҳәамза 1 инаркны 20-нӡа аԥышәарақәа ҟалоит. Лариса Џьопуаԥҳа илҳәеит, иааџьаушьаратәы дара рахь Урыстәылантәи аҭаларазы ишаауа.
Аиҿцәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.