Арадио

Занҭариаԥҳа амҵәышәымпыл азы атурнир иазкны: акомандақәа ӷәӷәоуп

Sputnik
Аҟәа иааҭит амҵәышәымпыл азы ахацәа рыбжьара жәларбжьаратәи атурнир "Сергеи Багаԥшь игәалашәара Ахраҿа". Атурнир аиҿкаашьеи, иалахәу акомандақәа рыҩаӡареи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы аспорт аҟәша аиҳабы Жанна Занҭариаԥҳа.
Жәларбжьаратәи атурнир "Сергеи Багаԥшь игәалашәара Ахраҿа" иалахәуп Аԥсны, Урыстәыла, Ҟарачы-Черкессиатәи ареспублика, Краснодартәи атәылаҿацә, Лугансктәи жәлар рреспублика, Волгоград, Владикавказ, Ростовтәи аобласт аҟынтә ҩ-командак.
Даара ирацәахеит атурнир зҽалазырхәырц зҭаххаз акомандақәа, лҳәеит Занҭариаԥҳа аиҿцәажәараҿы.
"Акомандақәа анырацәоу амшқәагьы ирыцҵатәуп. Ростов аҟынтә ҩ-командак ыҟоуп, урҭ хымз шагыз иасны иҳәаҳәеит иаарцаз. Краснодараа, Владикавказаа, Екатеринбургаа, мап рцәаҳкит. Иаарласны Аиааиара амш иазкны атурниргьы ҟалараны иҟоуп. Уахь ааԥхьара раҳҭоит", - лҳәеит Занҭариаԥҳа.
Лара еиҭалҳәеит, аԥхьахәтә ҭыԥқәа аанызкыло ирыҭахо аҳамҭақәа ртәы, насгьы атурнир амҩаԥгараҿы адгылара рызҭо аспонсорцәа.
Аиҿцәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.