Аԥсны

Амцарцәаҩ Аланиа изанааҭ азы: ауаа рыԥсҭазаара аиқәырхараҿы схы сақәгәыӷроуп

Sputnik
Ԥхынгәы 4 рзы АҶА русзуҩцәа иазгәарҭоит рзанааҭтә ныҳәа. Шықәсқәак раԥхьа ауаа реиқәырхара аус знапы алазкыз Аҟәа араиони ақалақьи амцарцәаратә ҟәша амцарцәаҩ Альмир Аланиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иусура иацу аҭакԥхықәра атәы, иҳәеит, ари аамҭа иалагӡаны иибаз, ииҵаз шырацәоу, избанзар аԥышәа змамыз арԥыс амцарцәашьа аус ахьиҵаз аусураҿоуп. Инеиҵыху аиҿцәажәара - Sputnik Аԥсны авидеонҵамҭаҿы.