Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Аланиа амцарцәаҩ изанааҭ иазкны

Ԥхынгәы 4 рзы АҶА русзуҩцәа иазгәарҭоит рзанааҭтә ныҳәа. Шықәсқәак раԥхьа ауаа реиқәырхара аус зхахьы изгаз Аҟәа араиони ақалақьи амцарцәаратә ҟәша амцарцәаҩ Альмир Аланиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иусура иацу аҭакԥхықәра атәы.
Sputnik
Ҩышықәса раԥхьа Альмир иҵара хыркәшаны АҶА аҿы аусура далагеит. Иара иҳәоит ари аамҭа иалагӡаны иибаз, ииҵаз шырацәоу. Аԥышәа змамыз арԥыс амцарцәашьа аус ахьиҵаз аусураҿоуп.
"Сус аҭакԥхықәра ду шсыднаҵо еилыскаауеит. Исывагылоу сҩызцәа реиԥш, арыцҳара иақәшәаз ауаа рыԥсҭазаара аиқәырхараҿы схы сақәгәыӷыр шакәу здыруеит", - иҳәеит Аланиа.
Аиҿцәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.