Аԥсны

Аԥсны атәылахьчара аминистрра азениттә шьақәгылақәа рыштатнҭыҵтә гәыԥқәа рҽазыҟарҵеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Аԥсны атәылахьчара аминистрра азениттә шьақәгылақәа злахәу аштатнҭыҵтә гәыԥқәа алархәны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Урҭ еизган ахысырҭа дәы "Ҵабал" аҿы.
"Аҽазыҟаҵарақәа раан аррамаҵзурауаа иҭырҵааит ЗУ-23-2 ашьақәгылашьа, ахархәашьа, ироуит апрактикатә дыррақәа адәныҟа ахысрақәа рҟны", — ҳәа азгәеиҭеит аҽазыҟаҵарақәа рнапхгаҩы аполковник Александр Бабанов.
Азениттә шьақәгыла 23-2 аиҳарак аршьаҟауаа, авиациа, акәылӡтехника рабашьраан рхы иадырхәоит. Ахысра анаӡара иартәоит 2500 метра, агәыԥ фҩыуаак алоуп.