Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа украинатәи МиГ-29 ҭадырхеит иахьгылаз аҳаирбаӷәазаҿы

Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа украинатәи аруаа ирыцәҭахеит 2225-ҩык рҟынӡа ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа украинатәи МиГ-29 ҭадырхеит иахьгылаз аҳаирбаӷәазаҿы ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Аоператив-тактикатә авиациа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, аракетатә ар, артиллериа ааха рырҭеит ААК анаплакқәа, анефҭусадуларатә зауад, абылтәышьҭаҵарҭа, БПЛА рҭыжьырҭеи ргыларҭеи азауад, аибашьцәеи арратә техникеи атәыла 128 раион рҿы.
Аҳауахьчаратә хархәагақәа икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 37, авиабомба Hammer, аракета HARM, HIMARS ареактив хгәыцәқәа 14.
Аоперациа ҷыда иалагазар, иҭархоуп украинатәи аҳаирпланқәа 626, авертолиотқәа 277, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 27197, азениттә ракетатә комплексқәа 537, атанкқәеи еиуеиԥшым аибашьыга атехникеи 16499, артиллериатә шьақәгылақәеи аминаршәгақәеи 11326, иара убасгьы иҷыдоу арратә автомобилтә техника – 23318.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчагақәа РСЗО ахгәыцәқәа ԥшьба ԥыржәеит