Аԥсны

Аҟәеи Донецки ақалақьқәа аиашьара рыбжьарҵеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 6 - Sputnik. Аҟәеи Донецки ақалақьқәа аиашьара рыбжьарҵеит.
Абри азы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аԥсны аҳҭнықалақь Амш аҽны Аҟәа ахада Беслан Ешбеи Донецк ахада Алексеи Кулемзини.
Адокумент ишаҳәо ала, аганқәа иазхарҵоит, ихадоуп ҳәа иагьырԥхьаӡоит аҩқалақьк русеицура аҵак ду шамоу ажәларқәа рыбжьара аилибакаареи, аиҩызареи, аконструктивтә еицәажәарақәеи рзы.
Аҟәа Амш есышықәса иазгәарҭоит ԥхынгәымза раԥхьатәи асабшазы.