Арадио

Арҷелиаԥҳа еиҭалҳәеит аԥхын аамҭазы хырҩа зҭатәым абжьгарақәа ртәы

Sputnik
Амшын аҭалара иаамҭоуп. Ари аус бзиа избо зегьы уажәааны аԥсшьара иаҳәоит, раамҭа зегьы амшын иазыркуеит. Аха аԥхынтәи амра алеишәа еиԥшӡам, уи аҽақәыршәашьа дыртәуп, аԥҟарақәа ирықәныҟәалатәуп. Аԥхынтәи амра ахәарҭареи ашәарҭареи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа.
Аиҿцәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.