Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь Амш иазку аныҳәахь иааз аделегациақәа дырԥылеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 6 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь Амш иазку аныҳәахь иааз аделегациақәа дырԥылеит.
Иахьа Аԥсны аҳҭнықалақь 2508 шықәса ахыҵуеит.
Аныҳәа азгәаҭара аҽалархәразы арахь иааит 14 делегациа Луганск, Донецк, Уфа, Цхинвал, Томбов, Ростов, Санкт-Петербург, Москва, Черқьесск, Грозныи, Краснодар, Казан, Нижни Новгород, Шәача рҟынтәи.
Аиԥылараан Уфа ақалақь ахада Ратмир Мавлиев Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ааԥхьара ииҭеит Башкортосҭан аҳҭнықалақь 450 шықәса ахыҵра аныҳәахь, иара убас Аҟәа аԥшаҳәаҿы игылоу агәашьаркыра аҩызаҵәҟьа аӡиас Белаиа аԥшаҳәаҿы аартра иазку аусмҩаԥгатә ахь.
Мавлиев инаҵшьны иҳәеит ареспубликақәа рыҩбагьы реизыҟазаашьақәа аиҩызареи апатуеиқәҵареи шьаҭас ишрымоу, реиқәшаҳаҭрақәа зегьы лҵшәа бзиала ишынарыгӡо.