Аԥсны

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иаланагалеит абылтәы ахәԥсақәа рҭышәныртәаларазы аԥҟарақәа

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 6 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иаланагалеит абылтәы аџьармыкьаҿы ахәԥсақәа рҭышәныртәаларазы аԥҟарақәа, урҭ амч рымазаауеит ԥхынҷкәын 31 2024 шықәса рҟынӡа.
Ирыдыркылаз Ақәҵара инақәыршәаны ишьақәырӷәӷәоуп абылтәы анырҭиуа изеиҳамхаша ахәԥсақәа:
абылтәы "Регулиар-92" — 4 инаркны 18% рҟынӡа еиҳамкәа аҭишьеи, акапани, иара убас иахьаархәаз Аԥсны акәу ма уи анҭыҵ акәу иахьырԥшны;
аоктантә хыԥхьаӡара змоу абылтәы 95 ма уи инеиҳаны — 4% рыла еиҳамкәа анефтаалыҵқәа римпортиорцәа ирацәаны еидкыланы ианырҭиуа;
адизельтә былтәы — 4 инаркны 10% рҟынӡа еиҳамкәа аҭишьеи, акапани, иара убас иахьаархәаз Аԥсны акәу ма уи анҭыҵ акәу иахьырԥшны.
Ирацәаны еизакны аҭира ҳәа иԥхьаӡоуп знык ала иаарго 120 тонна иҟоу ма еиҳау абылтәы амҽхак.
Аенергетика аминистрра адырра шыҟанаҵо ала, Ақәҵараҿы иарбоу аԥҟарақәа ирыбзоураны Аԥсны абылтәы азы аџьармыкьа алахәылацәа зегьы рзы еиҟароу аҭагылазаашьақәа аԥҵахоит, убри аан ҳасаб азухоит ареспубликахь абылтәы аазышьҭуа Урыстәыла заҵәык шакәу атәы зҳәо Аиҳабыра рықәҵара.
Убри аан аҳәынҭқарратә ҭышәныртәалара иаҵанакӡом аоктантә хыԥхьаӡара 95 змоуи уи еиҳаны измоуи абылтәы еидкыланы, ма хаз-хазы рыҭира аканалқәа, уи иабзоураны аџьармыкьа алахәылацәа алшара роуеит ахашәала еиҳаны аиура.