Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Шамԥҳа ашколхәыҷқәа аԥхынтәи рыԥсшьараамҭеи рҵареи иазкны

Sputnik
Аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа раан ахәыҷы ашәҟәы дашԥадԥхьалатәу анаҩс аҵараҵара дацәхымҟьартә еиԥш, аинтерес иркразы иҟаҵатәуи, абарҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы лгәаанагара лҳәеит Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ алагарҭатә классқәа рырҵаҩы Хьыбла Шамԥҳа.
Аиҿцәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.