Арадио

Торчуа Гәылрыԥшь араион ашколқәа рҭагылазаашьазы: зегьы еиҭашьақәыргылатәуп

Гәылрыԥшь араион аҵара аҟәша аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Артур Торчуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, сынтәа аҵаратә процесс шхыркәшахаз, ашколқәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Sputnik
Сынтәа Гәылрыԥшь араион аҿы ашколқәа ирылгеит 137-ҩык аҵаҩцәа. 39-ҩык рҵара бзианы ихдыркәшеит. Ажәбатәи акласс аҵаҩы иланашьан аттестат ҟаԥшь. 6-ҩык аолимпиадақәа рҿы аиааира згаз Аҳәынҭқарратә университет иаднакылеит ҳәа адырра ҟаиҵеит Торчуа.
"Араион аҿы 13-школ ыҟоуп, аԥсуа школқәа ԥшьба, аурыс школқәа - хԥа, фба аерман школқәа. Дара зегьы ижәытәтәиу хыбрақәоуп. Ацхыраара рҭахуп аиҭашьақәыргылараҿы. Иҟоуп ахыбқәа ахьыԥсахтәу, иҟоуп аԥенџьырқәа ахьаҭаху. Ашкол дуқәа Гәылрыԥшьтәии Драндатәии ацхыраара иаҳагьы ирҭахуп. Ԥхынгәымза хԥа инаркны ашколқәа зегьы ҳарҭаауеит, урҭ рҭагалазаашьа зеиԥшроу гәаҭаны, нас аҵарашықәс иалагаанӡа ҳамч зықәхо ҟаҵахоит", - иҳәеит Торчуа.
Гәылрыԥшь араион аҵара аҟәша аиҳабы лхаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, араион аҿы ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара иацлоит, ҳаԥхьаҟа актәи акласс ахь ицап ҳәа ргәы иаанагоит 180-ҩык аҵаҩцәа.
Аиҿцәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.