Аԥсны

Минаиаԥҳа еиҭалҳәеит ахәыҷбаҳчақәа рзы ҿыц иаԥҵоу апрограмма атәы

Sputnik
Ҩышықәса раԥхьа Аԥсны аҵара аминистрра адҵала аусутә гәыԥ еиҿкаан аԥсшәа арҵаразы азнеишьа ҿыцқәа ахьарбоу ашколқәранӡатәи аҵаразы апрограмма ҿыц аԥҵаразы. Апрограмма шьақәыргыланы Гәдоуҭа араиони Гәылрыԥшь араиони ҩ-хәыҷбаҳчак рҿы аԥышәара иахыжьын, алҵшәа бзиақәагьы аанарԥшит. Апрограмма зеиԥшроу, ҿыцрас иалоу, лшарақәас ицәырнаго, абызшәа аҵараҿы иахьынӡацхыраагӡоу уҳәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аҿы далацәажәеит Аҵара аминистрра ашколқәранӡатәи аҵаразы аспециалист хада Аида Минаиаԥҳа.
Шәахәаԥш астудиаҟынтә инарҭбаау авидеонҵамҭа.