Иара иажәақәа рыла амармалташь пты уажәы усҟак аҿиара амаӡам. Араионқәа зегьы ирызшан ахәшәқәа, анаҩс ақыҭа анхацәа ирзыршарц.
Барганџьиа игәалаиршәеит аамҭаказы апты акразы имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатәқәа ртәы, иара иҳәеит урҭ даара хра шрылаз. Уажәы урҭ рыҿиара маҷхеит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иахьазы ақыҭанхамҩа ааха ду азҭо акәны иҟоуп америкатәи аԥарлаԥалыкь шкәакәа ҳәа изышьҭоу. Арионқәа рҿы атехника рхы иархәаны анхацәа ахәшәқәа рыҭаны аусмҩаԥгатәқәа цоит. Барганџьиа иҳәеит, ахәшә мацарала ари аус аҿагылара шалымшо, абыскаҭаҳа ахьамоу амахә хҵәаны ишбылтәу. Иазгәеиҭеит ахәшәқәа ашьхыцқәа, арахә ԥырхага рнаҭар шалшо.
Аамҭаказы аџьықәреи иаԥырхагоу ахәаҷа цәырҵны иҟан Очамчыра араион аҿы. Иахәҭаз аусурақәа мҩаԥган, уажәы уи азҵаара ҳҿаԥхьа иқәгылаӡам иҳәеит Барганџьиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.