Арадио

Булискериаԥҳа Очамчыра лара лзы: даҽаџьара схы збаӡом

Очамчыра амш азгәарҭоит ԥхынгәымза 13 рзы, уи инамаданы араион аҿы еиҿкаахо аусмҩаԥгатәқәа ртәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, араион акультуратә ҟәша аиҳабы Амра Булискериаԥҳа.
Sputnik
Лара лажәақәа рыла ԥхынгәымза 10 рзы ақалақь арыцқьара амш азгәаҭоуп. Асааҭ 8 инаркны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа зегьы цәырҵуеит ақалақь ахь. Агәаҳәара змоу зегьы аусмҩаԥгатә рхы аладырхәыр рылшоит, азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Булискериаԥҳа.
Ақалақь амш ныҳәа азгәаҭара акәзар, уажәнатә амҩаду хада ала аныҳәа шааигәахо убаратәы иҟоуп, архиара иаҿуп. Аныҳәамш ахь ааԥхьара рымоуп еиуеиԥшым асацәа Аԥсны анҭыҵынтәгьы. Зегьы реиҳа ихадоу аусмҩаԥгатә уи ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа рцәыргақәҵа акәхоит. Иара иалагоит асааҭ 12 рзы. Амҽхак даара иҭбаауп, ҳәа лҳәеит аиҿцәажәараҿы Булискериаԥҳа.
Анаҩстәи аусмҩаԥгатәқәа ртәы шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.