Урыстәыла

Қырҭтәыла Европа адлара апроцесс аанкылоуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Қырҭтәыла Европа адлара апроцесс аанкылоуп, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Қарҭ иҟоу ЕЕ ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински иажәақәа шьаҭас иганы.
Уи адагьы, аҳәаанырцәтәи агентцәа рзы ирыдыркылаз азакәан инамаданы ЕА Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра иазоунажьыз 30 миллион евро аннакылеит.
Урыстәыла адәныҟатә ԥшыхәра амаҵзура адыррала, уи зхароу Москва ауп ҳәа ахара аднаҵарц агәы иҭоуп ЕАА, иара уи алагь ақырҭуа Парламент ахь алхрақәа рышьҭахь амчра аиҭакра.
Уи азы шьагәыҭны аҟаҵара рыгәҭакуп Саломе Зурабишьвили аҭагылазаашьа зхароу Москва зҽадызхало аиҳабыра роуп ҳәа иҟалҵо ахарадҵара.
Америкатәи ахылаԥшцәа ақырҭуа оппазициаа анапынҵа рырҭахьеит аҿагыларақәа реиҿкаара рҽазыҟарҵарц.