Аԥсны

Аҟәатәи ашьхаҿы аӡыршә аиҭашьақәыргылара хдыркәшеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 10 - Sputnik. Аҟәатәи ашьхаҿы аӡыршә аиҭашьақәыргылара хдыркәшеит. Апроект ахәԥса хә-миллионк еиҳауп.
"Аԥсныпресс" аинтервиу азҭаз "Ақалақьргыларапроект" адиректор ихаҭыԥуаҩ Инал Ҭарба ишиҳәаз ала, аусурақәа хә-етапкны имҩаԥгоуп:
аӡыҭгагатә станциа ахыбра аргылара;
аӡы аикәыршараз ахархәага ақәыргылара;
аӡымҩангагақәа рышьҭаҵара;
аӡыршә аҿы аӡы ахьеизо алашара анагара;
аӡыршә акәшамыкәша аҵакыра арԥшӡара.