Сынтәа ҳгәы иҭоуп аҳаԥы ҿыц ахь уназго амаршрут ҿыц аартра, иҳәеит аиҿцәажәараҿы Џьергьениа. Уаҟа адольменгьы убар улшоит, атурист дааины иԥсы ишьаратәы атәарҭақәа ҳармазеихьеит, иазгәеиҭеит иара.
"30 километра амҩа ҳрыцқьеит. Кәыџба иашҭаҟа ицо амҩа ирҭбааны иҟаҳҵеит. Аусурақәа мҩаԥган ҳара ҳтехника ала. Гега ахырхарҭала амҩа ирҭбаан, амашьынақәа еивысратәы иҟоуп. Хымшуп Ауадҳараҟа ицо амҩа ҳалагеижьҭеи. Атракторқәа бжьоуп, амш иаҳнаҭар, ҳалгоит. Ԥсҳәыҟа амҩа ицо, Пыв аҟынӡа, амҩа еиҭа ирҭбааны амашьынақәа бжьысуа аҟаҵара ҳгәы иҭоуп", - иҳәеит Џьергьениа.
Амашьына хәыҷқәа рыла Пывҟа узцаӡом, амашьына дуқәа рыла ауп, инаҵишьит иара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.