Аԥсны

Тҟәарчали Аҟармареи еимаздо амҩа жьҭаарамзазы еиҭашьақәыргыланы иалгоит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 10 - Sputnik. 219 миллион мааҭ урыстәылатәи Аинвеспрограммаҟынтәи иазоужьуп Тҟәарчал-Аҟармара амҩа аиҭашьақәыргылара.
Аԥсны акапиталтә ргылараз аусбарҭа атехникатә хылаԥшра анџьныр Ҭемыр Ҵәыџьба иажәақәа рыла, иахьазы инагӡоуп 70% аусурақәа. Аҭыԥантәи ауааԥсыреи атуристцәеи рныҟәара ауадаҩра ахьаҵаз амҩа ахәҭа аура 15 километра иҟоуп, аҭбаара — 6 метрак. Уаанӡа арҭ аҭыԥқәа рҿы сааҭки бжаки рыла узхысуаз амҩа уажәы 30 минуҭ роуп иаҭаххо.
Ҵәыџьба иажәақәа рыла, акаҭран аҿыгҳара 9 сантиметрак иҟоуп, ҩ-ҿысҭакны ишьҭарҵоит. Апроект ииасыз ашықәс лаҵарамзазы ихацыркын. Ахыркәшара азԥхьагәаҭоуп 2024 шықәса жьҭаарамзазы.