Арадио

Аҳәатәи аҳәашьеи: амҩатә машәырқәеи, урҭ ирыцу аԥсыҭбарақәеи ирызкны

Sputnik
Аанкылашьас ирымоузеи ҳтәылазы ишәарҭахаз амҩатә машәырқәа, абри атемала арадио Sputnik аефир аҿы ргәаанагарақәа еибырҳәеит ауаажәларратә усзуҩ, ахьтәы Парламет депутатс иҟаз Давид Ԥлиеи, акыр шықәса инеиԥынкыланы Аԥсны апрокуратура хадаҿы аус зухьо, уажәы адукат иаҳасабала ауаа рзинқәа зыхьчо Џьамал Гогьиеи.
Адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" амҩаԥгаҩцәа Инал Лазбеи Елеонора Коӷониаԥҳаи аполитикеи, акультуреи, асоциалтә ԥсҭазаареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ганрацәала ирылацәажәалоит. Арадио Sputnik Аԥсны астудиахь иаарыԥхьалоит еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы зхатә гәаанагара змоу аполитикцәа, аусдырыҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа. Адырраҭара ишиашоу ицо аефир аҿы есԥшьаша иҟоуп асааҭ 13 инаркны 14-нӡа.
Аицәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.