Аԥхын актәи амзазы даара имаҷӡан аԥсшьаҩцәа, аҩбатәи амзазы атуристцәа ҳшырхамшҭыз убаратәы иҟоуп, иҳәеит аиҿцәажәараҿы Адлеиба. Иара иажәақәа рыла, аԥсшьаҩцәа еиҳарак Отаԥнӡа инаӡо зхатә машьанала иҟоу роуп. Еиҿкааны, автобусла иаауа ҳәа ҳамам, иҳәеит иара.
"Ҽнак 20-30-ҩык аауеит. Уи сара ибзиоуп ҳәа исыԥхьаӡоит, ақалақь аҿы иҟоу ҳрацлабуам. Аԥсшьаҩцәа рымаара зыхҟьо еиҳарак имҩаԥызго рыхә дырцәгьеит азоуп. Аурысцәа каҳуак ажәра иантәо саарыдтәаланы сразҵаауеит, иахьынтәиааз, ишааз, шаҟа ҳәа иааргаз. Сара гәҭакыс исымоуп Аҟәантәи Отаԥ аҳаԥынӡа атранспорт аргылара, аԥсшьаҩцәа ааргаларцаз еиҿкааны. Убыс ак ҟаҵатәуп, мамзар иааргаӡом, рыхә дырцәгьоит", - иҳәоит Адлеиба.
Асезон рыҽшазыҟарҵаз атәы далацәажәауа Адлеиба иҳәеит, 100-ҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа гәыԥ-гәыԥла еихшаны ирыдыркылатә аҭагылазаашьа шыҟоу. Шьаҵала ишыхиоу. Амҩақәҵаҩцәа х-ҩык ыҟоуп. Ауаа анҭаргало аҳаԥы аҭоурых еиҭарҳәоит. Аҭыԥ аҿы ианнеилак, аԥсуа жәлар рашәа рзадырҳәоит.
"Аԥсшьаҩцәа уи ргәаԥхоит. Ахәрашәаҿы ианҵәыуагьы ыҟоуп", - иҳәеит Адлеиба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.