Ахатәы школ "Альфа" аԥшьгарала, Аԥсны асоциалтә ԥгаԥсеи аџьеи рзы афонд афинанстә цхыраарала сынтәа ҩышықәсоуп имҩаԥысуеижьҭеи ахәыҷқәа рзы алагерь "Аԥсышәала ҳцәажәалап". Уажәы ашколхәыҷқәа аҩбатәи ргәыԥ аус ауеит. Ишԥеиҿкаау алагерь аусура, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, иаԥсыуаам ахәыҷқәа аԥсшәа дзырҵо Кама Ԥачлиаԥҳа.
380-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа аднакылоит алагерь гәыԥк. Иҟоуп араион аҟынтә ахәыҷқәа, урҭ уахынла иаангылоит.
"Араион хәыҷқәа иаҳа рбызшәа цқьоуп, ирдыруеит, ақалақьтә хәыҷқәеи дареи реимадара бзиахарц ҳҭахуп. Иҟоуп еиуеиԥшым асекциақәа. Ахәыҷқәа ргәы иахьаҭаху иныҟәоит", - лҳәеит Ԥачлиаԥҳа.
Аиҿцәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.