Аԥсны

Кавказтәи аинвестициатә форум аҿы Аԥсны астенд ҟалоит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Грозныи ақалақь аҟны ԥхынгәы 15-17 рзы имҩаԥысраны иҟоу Кавказтәи аинвестициатә форум аҿы Аԥсны астенд ҟалоит.
Чечниаҟа амҩа иқәло Аԥсны аделегациа иалахәхоит аекономикеи афинансқәеи рминистрцәа Кристина Озгани Владимир Делбеи Апарламент адепутат Бадра Ԥлиеи ҳәа Sputnik иазаанацҳаит Аекономика аминистрра апресс-маҵзура.
Афорум асасцәа идырбахоит аԥснытәи аалыҵ — аҩы, ауараш, аџьыка, ашәырқашь, ашәырӡ.
Есышықәса имҩаԥысуа афорум 2024 шықәсазы иатема хадахоит "Кавказ Ду — мшынк инаркны мшынк аҟынӡа". Ауснагӡатә амшхәаԥштә Нхыҵ-Кавказтәи аокруг аинвестициақәа радԥхьаларазы арҿиара азҵаара хадақәа ирызкуп.