Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Чхамалиа Нхыҵ-Кавказ аҳәынҭакадемиеи ААУ русеицура иазкны

Sputnik
"Афымцаенергетикеи афымцатехникеи" рхырхарҭала сынтәа ААУ агроинџьныртә факультет иҭалауа ироуеит аҭагылазаашьа ҩ-дипломк риуразы. Уи алыршахеит Нхыҵ-Кавказ аҳәынҭакадемиеи ААУ ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иабзоураны. ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша анапхгаҩы Алхас Чхамалиа арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит аҵараиурҭақәа русеицура атәы, зыӡбахә ҳәо апроект ҿыц аус шауло.
Аиҿцәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.