Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Қәҭелиа амидиақәа рааӡара иазкны

Амшын иамоу аԥсыӡжәлахкы еиуоу амидиақәа раԥхьаӡа акәны ааӡара иаҿуп Тамшь. Аферма адиректор Владимир Қәҭелиа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит уи аус алагара зыбзоуроу, аидеиа шцәырҵыз, анаплакы аусура шеиҿкаау, насгьы аахәаҩцәа рҟынтә азҿлымхара ахьынӡарымоу атәы.
Sputnik
Владимир Қәҭелиа аҷыдоу амаругақәа амшын аҿы иргыланы амидиақәа икуеит. Дара анеизҳалак еизигоит. Ари аус зынӡа имариаӡам, аџьабаа ацуп, иҳәоит иара аиҿцәажәараҿы.
"Амшын уара ишуҭаху унапаҿы иааиӡом, 10-15 мшы иаҳҭахны амшын ҳанызхымло ыҟоуп, иаҳнаҭаӡом. Амшын даҽа џьабаак ацуп", - иҳәеит иара.
Аиҿцәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.