АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik. Фҩык амашьынарныҟәцаҩцәа уахыки-ҽнаки рыла арныҟәцаразы азиншәҟәқәа рымырхит шықәсыбжак ҳәа арыжәтә ыжәны аԥсҟы ахьыркыз азы.
Иара убас дара иршәароуп 30 нызқь мааҭ ахараԥса. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҩАР.
Ԥхынгәы 12 рзы имҩаԥысыз ареид ӷәӷәа иалагӡаны ишьақәыргылан административтә зинеилагаразы аԥкаанҵақәа 268.