Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Абӷаџьааи Леиԥҳаи ахәыҷқәа Аԥсны аԥсабара радԥхьалара иазкны

Sputnik
2015 шықәса инаркны Риҵатәи амилаҭтә парки Гәдоуҭатәи аҵараҟәшеи имҩаԥыргоит аекологиатә проект, уи хықәкы хадас иамоуп Аԥсны акырзҵазкуа аԥсабаратә ҭыԥқәа рыхьчареи аҿар рекологиатә хдырра аизырҳареи.
Ашықәс зегьы имҩаԥысуа апроект аҟны еиҳа лыҵшәа бзиала зхы аазырԥшыз аҿар ирыман алшара Ауадҳара имҩаԥысуаз аекологиатә лагер аҽалархәразы. Уи шеиҿкааз, иара иақәшәаз, аусмҩаԥгатә аформати, ас еиԥш иҟоу апроектқәа аҿар рзы хәарҭараз ирымоуи азы арадио Sputnik астудиаҿы иалацәажәеит Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аеколог-арккаҩы Низфа Леиԥҳаи апроект аволонтиор Ренат Абӷаџьааи.
Аиҿцәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.