Аԥсны

Аныҳәа зегьы рзы: Очамчыра ақалақь амшныҳәа азгәарҭеит

Очамчыра амшныҳәа азгәарҭеит асабша, ԥхынгәы 13 рзы.
Sputnik
Ақалақь 2524 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥган, уи хәыҷи-дуи зегь ргәы ҟанаҵеит.
Еиҿкааз аџьармыкьаҿы аҭыԥантәи анапҟазацәа русумҭақәа цәырыргеит, анаплакҩцәа ракәзар раалыҵ рҭииртә алшара роуит.
Аныҳәа хыркәшан аконцерти иблахкыгаз асалиути рыла.
Зегь реиҳа иалкаахаз шәахәаԥш Sputnik афотолентаҟны.
1 / 14

Асабша, ԥхынгәы 13 рзы Очамчыра иазгәарҭеит ақалақь амш.

2 / 14

Ари хәыҷи-дуи зегь ирныҳәоуп.

3 / 14

Еиҿкаан еиуеиԥшымыз аусмҩаԥгатәқәа рацәаны.

4 / 14

Аҭыԥантәи анапҟазацәа русумҭақәа цәырыргеит.

5 / 14

Анаплакҩцәа ракәзар, раалыҵ рҭииртә алшара роуит.

6 / 14

Ақалақь амҩадуқәа рыҟны улаԥш рықәшәон асахьаҭыхымҭақәа.

7 / 14

Зегьы аныҳәатә гәалаҟазаара рыман.

8 / 14

Амш ашоура шыҟазгьы, аныҳәа зхы алазырхәырц зҭахыз аҭааит.

9 / 14

Ауаа гәахәарыла еицәажәон...

10 / 14

...дара дара аныҳәатә гәалаҟазаара бзиа еимырдон.

11 / 14

Зегь реиҳа ихадаз - ашоура ӷәӷәа шыҟаз гәаҭаны ахылԥа ахаҵара акәын.

12 / 14

Аныҳәа хзыркәшо акәны иҟалеит игәышьҭыхгаз аконцерт.

13 / 14

Рҟазара ахәаԥшцәа ирыдыргалеит амузыкантцәеи ахореографиатә коллективқәеи.

14 / 14

Аныҳәа акыраамҭа ихамшҭхәны иҟалеит.