Урыстәыла

Дональд Трамп ишьра рҽазыршәеит

Аполитик илымҳа ашьа хьшы асцена дықәҵит, амаҵзураҷыдақәа ацәгьауаҩ дааныркылеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik. Еиду америкатәи аштатқәа уаанӡатәи ахада Дональд Трамп алхрақәа рыламҭалазтәи Пенсильваниа идгылаҩцәа рҿаԥхьа иқәгылараан ишьра рҽазыршәеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аҭыԥантәи аканалқәа шьаҭас иганы.
Трамп иқәгылара минуҭқәак ааҵхьан еиԥш ахысбыжьқәа геит, иара илымҳа инапы адкылан атрибуна даватәеит. Ԥыҭраамҭак анаҩс, аҳақьымцәа данырба ашьҭахь, Трамп иҳәеит илымҳа ахәра шаиуз, ашьа рацәаны ишицәцаз.
Ихысыз даанкылоуп, иара аҭыԥан инхо 20 шықәса зхыҵуа Томас Метиу Крукс иакәхеит. Иара асцена 100 метрак инацәыхараны аҩнхыбк аҿы иҽиҵәахит.
Ахысраан ҩыџьа ахәра ӷәӷәақәа роуит, аӡәы дҭахеит.
Иазгәаҭоуп, Висконсин имҩаԥысраны иҟоу Ареспубликатә партиа аизара шымҩаԥгахо, Дональд Трамп ишьра рҽшазыршәазгьы ари аиԥылара иҽалаирхәоит.