Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Гәниеи Мқааиеи аԥсуааи ақырҭқәеи раԥхьатәи реидысларақәа ирызкны

Sputnik
Аԥсуааи ақырҭқәеи рыбжьара раԥхьатәи аидысларақәа, ашьакаҭәарагьы ҟалеит 35 шықәса раԥхьа ԥхынгәы 15-16 рзы. Уи зыхҟьазгьы ақырҭқәа Қырҭтәыла ауниверситет афилиал Аҟәа аартразы иқәдыргылаз азҵаара ауп. Усҟан Аҟәеи Очамчыреи аиҿагылара ӷәӷәа ҟалеит, икаҭәеит ашьа. Амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара алахәылацәа Амиран Гәниеи Аслан Мқааиеи арадио Sputnik аефир аҿы иргәаладыршәеит урҭ ахҭысқәа ртәы.
Амиран Гәниа 1989 шықәса рзы амилициа акаԥданс дыҟан. Аҟәа ауниверситет афилиал аҭаларазы ашәҟәқәа рыдкылара ианалага, аԥсуаа рычҳара хыжжит. Ԥхынгәы 15 аҽны Аҟәа актәи ашкол аҿы, ашәҟәқәа ахьаларҵоз, иакәшан игылеит аԥсуаа. Дара русқәа нарыгӡон, аԥенџьырқәа рҟынтә иакум аԥсуаа иддырбо иалагеит, ҳәа еиҭеиҳәоит Гәниа.
"Сааҭқәак ирыҷҳаит аиҳабыра ааиаанӡа ҳәа, аха нас аанда инахыԥан иажәлеит ашкол. Рсеиф даргьы хыхьынтә идыршәуан. Ақырҭцәа ҳәҳәаны иҩны ицон. Ари заҳаз ақырҭцәа рҽырхианы иҟан, ақалақь иакәшо иалагеит. Аԥсуааи ақырҭцәеи еиҿанагалеит Аҟәа. Напышьашәала еисуан. Аԥсуаа алабақәа кны ақырҭцәа рыԥҟара иалагеит. Дара рхыԥхьаӡара даара ирацәан, аха агәы рызҭаӡамызт", - еиҭеиҳәеит Гәниа.
Анаҩс Қәҭеишьнтәи автобусқәа рыла амилициа бџьарла еибыҭаны раара атәы, Ацҳа ҟаԥшь аҿы иҟаз ашьакаҭәара, насгьы, ахҭысқәа рышьҭахь аидысларақәа ирылахәыз зегьы шдырҳәацәоз атәы шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.