Арадио

Кәыҵниа: аџьабаа здубало барақьаҭны иуԥыло иҟазар, еиҳангьы иҟауҵоит

Sputnik
Оҭара ақыҭа анхаҩы Саид Кәыҵниа фҩык ахшара драбуп. Иара ашәырҵлақәа еиҭаҳаны имоуп, ауҭраҭых ҟаиҵоит, сынтәа акартоши акарпыжәи лаиҵеит. Убри аан аӡы харантә иааигоит, иааирыхуа зегьы напыла аус адиулоит, аџьабаа ду адибалоит. Арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, агәҭакқәа имоу ртәы, аха хәыҷык ацхыраара шиҭаху.
Саид иҳәоит, рыфатә зегь рнапала ишаадрыхуа. Зегь реиҳа еиҳабу ихәыҷы ахәбатәи акласс ахь дцеит, иреиҵбу хышықәса ихыҵуеит. Дара абаҳа хәыҷқәа рзыҟаиҵеит, анхара аус иадиԥхьалоит, даргьы иаб ивагылоуп.
"Ақыҭаҿы умаашьакәа аус уур алҵшәа амоуп", - иҳәоит Саид.
Иара акарпыжә лаҵаны имоуп, акартош ҭаигалахьеит. Ҵыԥх 25 нызқь шьапы апарпыл ца иашьцәеи иареи иаадрыхит.
"Аџьабаа баны ианыҟауҵа, џьара мааҭк алухыр уҭахуп, иахьалауҵо уманы уманшәалахар, ҳаԥхьаҟа 100 нызықь шьапгьы ҟауҵап. Аха, иааҳрыхыз аҭииразы иуадаҩхеит . Џьыканы ҳҳәан иамуит, ус ҳҳәан иамуит, иаҳзымҭиит. Иҳамоуп уажәыгьы, аџьыкахыш мацара аҭаны икылхны игылоуп. Усгьы ирҩаны иҳамоуп,", - еиҭеиҳәоит Саид.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.