Урыстәыла

Вольвач иҳәеит аинвесторцәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ирымоу алшарақәа ирызхьаԥшырц

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik. Дмитри Вольвач аинвесторцәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ареспубликақәа ирымоу алшарақәа ирызхьаԥшырц азы ааԥхьара ҟаиҵеит.
Кавказтәи аинвестициатә форум аҿы Урыстәыла аекономҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ иқәгылараан абжьгара ҟаиҵеит арҭ ареспубликақәа рстендқәа ирҭаарц рделегациақәа ирыҿцәажәарц.
Пхынгәы 15-17 рзы имҩаԥысуа Кавказтәи аинвестициатә форум аԥсуа делегациа алахәуп.
Есышықәса имҩаԥысуа афорум сынтәа иатема хадоуп — "Кавказ Ду — мшынк инаркны мшынк аҟынӡа". Ауснагӡатә амшхәаԥштә Нхыҵ-Кавказтәи аокруг аинвестициақәа радԥхьаларазы арҿиара азҵаара хадақәа ирызкуп.