Арадио

Џьынџьалԥҳа афонд "Ашана" ҵыԥхтәи алҵшәақәа рзы: даараӡа ибзиоуп

Акультура-гәыразратә фонд "Ашана" 2023 шықәсазтәи аусура алҵшәақәа зеиԥшраз, иабанӡалыршаз згәабзиара уашәшәыраз ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит афонд аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа.
Sputnik
Афонд "Ашана" аиҳабы ҵыԥхтәи русура алҵшәа ахәшьара бзиа алҭеит.
"Еиҿҳарԥшуазар иаҳхысыз ашықәсқәа зегьы, даараӡа ибзианы имҩаԥысит ҳәа сгәы иаанагоит ҵыԥхтәи ашықәс, избанзар ҳахьӡеит ахәыҷқәа 70 амедицинатә курс рахыжьра, ацхыраара раҳҭеит, 22 агәыҳалалратә акциақәа мҩаԥаҳгеит. 12 миллион мааҭ инареиҳаны аԥара еизган згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рыхәшәтәразы. Наӡынла ухәаԥшуазар, 70 наӡын инареиҳаны ауаа ацхыраара ҳарҭоит, егьи иаанхаз еиуеиԥшым ахеилакқәа, аиҿкаарақәа иҟарҵо ацхыраара ауп", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Лара убасгьы еиҭалҳәеит нанҳәамзазы Аԥсныҟа иаараны ишыҟоу аҳақьымцәа, згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рыцхрааразы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.