Арадио

Арҷелиаԥҳа аԥхын агәабзиаразы ашәарҭареи апандемиа анаҩс зыҽзырӷәӷәаз ачымазарақәеи ртәы

Sputnik
Ашоура иаҳа згәабзиара ианыԥшуа, аԥхын иҟоу ашәарҭарақәа, агәабзиара ҵымшәааразы хылаԥшра зҭатәу, ауаҩы ифатәи - ижәтәи дацклаԥшыр захәҭоу, апандемиа ашьҭахь иаҳа ишәарҭахаз ачымазарақәа ртәы, ахәыҷқәа иржәо аӡы хаақәа шырԥырхагоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа.
Аҳақьым илҳәеит агәаҵәыхь зманы ирыдҵаало ачымазцәа ҳаамҭазы рхыԥхьаӡара ишацлаз.
"Арҭ амшқәа рзы иаҳа ирыцлеит агәаҵәкра змоу, хымш-ԥшьымш рышьҭахь иаауеит, иангәаҳҭалак, агәаҵәыхь рымоуп. Уажәы ҳаҟәшаҟны даара ирацәоуп аҿарацәа агәаҵәкра змоу. Уи архьшәашәагақәагьы ианырхароу ыҟоуп, убасгьы авирусқәа. Аковид ашьҭахь ҳауаажәлар рхала ашьа аҭаны, аҳақьым изымҵаакуа ахәшәқәа рыжәра иалагоит", - лҳәеит Арҷелиаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.