Аԥсны ашьхарԥы иаҵанакуа Ажара ақыҭа иахьа иаԥсҭазаашьоу, уа инхо ирынхашьоу-ирынҵышьоу, хыԥхьаӡарала иабанӡаҟоу, амедицинатә цхыраарак аарҭаххар, лшарақәас иҟоу уи аиуразы, дара рахь уназго амҩа зеиԥшроу арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ажара ахада Ҭемыр Чагәаа.
Иара иажәақәа рыла, Ажара инхо рхы рызныҟәымго иҟам, анхацәа ишраҭәоу еиԥш арахә рааӡоит, ауҭраҭых ҟарҵоит, фатәы-жәтәы рыгам, аха ацивилизациа абзазагақәа рыла ихьысҳауп, иҟам ашкол, ахәшәтәырҭа, амҩа аҭагылазаашьа ҽеиӡам. Чагәаа иҳәеит Маҷарантәи Ажаранӡа днеирц азы ф-сааҭк шицәаго. Иара иажәақәа рыла, иахьазы ақыҭаҟны инхоит зықәра ыҟоу 48-ҩык ауаа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.