Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Гәынба анхаҩы иаалыҵ аҭира иацу ауадаҩрақәа ирызкны

Sputnik
Аҷандара ақыҭан ииз иааӡаз, ақалақь аҿы аус зуа Адгәыр Гәынба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, арахә ааӡара хра аманы изиԥхьаӡо, Лашькындар дцаны амхылаҵара заԥшьигаз, ажь ааӡара иацу апроблемақәа, насгьы анхаҩы иаалыҵ аҭираҿы иԥыло ауадаҩрақәа ртәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.