Аԥсны

Гәынба: ақыҭанхамҩа ада ԥсыхәа ҳамамкәа аамҭа ҟалар ҟалоит

Sputnik
Ақыҭанхамҩа ада ԥсыхәа ҳамамкәа аамҭа ҟалар ҟалоит ҳәа агәаанагара имоуп Аҷандара ақыҭан ииз иааӡаз, ақалақь аҿы аус зуа Адгәыр Гәынба.
Иара арадио Sputnik адырраҭара "Ақыҭа — нхарҭа ҭыԥуп" аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩаҿы иахьа еиҳа феида злоу ҳәа ииԥхьаӡо ахырхарҭақәа ртәы, Аҷандара ажь ааӡара иацу апроблемақәа, Лашькьындар дцаны амхылаҵара заԥшьигаз, анхаҩы иаалыҵ аҭираҿы иԥыло ауадаҩрақәа уҳәа ртәы.
Шәазыӡырҩы ақалақь аҿы аусуреи ақыҭаҿы анхареи еилазгӡо Адгәыр Гәынба иҿцәажәара Sputnik Аԥсны арадиостудиаҟынтәи авидеонҵамҭаҿы.