Арадио

Ԥачлиа Очамчыра амцарцәаратә ҟәшазы: ауаа русура ааныжьны ицо иалагеит

Sputnik
Атәылаҿы аԥсабаратә амцакрақәа ршәарҭара шыҟоу атәы аанацҳауеит АҶА. Араионқәа ирылаҳәоуп амцарцәаразы техникала еиқәыршәаны иҟазарц, аӡқәа ахьынтәиаарго аҭыԥқәа ргәаҭара. Лассы-лассы амцакрақәа ахьыҟало, Очамчыра араион аҿы аус ишазнеиуа атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион амцарцәара аҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа.
Асовет аамҭазы аӡҭачқәа рацәан араион аҿы, уажәы 3% раҟароуп инхаз, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ԥачлиа.
"Еиҳарак ҳхы иаҳархәо ааигәа-сигәа иҟоу аӡиасқәа роуп. Аха, анхаҩы ихалагьы ӡыла иҽеиқәыршәаны дыҟазар ахәҭоуп. Амца иҩны ааигәара имнеирцаз, аҳаскьын рхны имазароуп. Анхаҩцәеи амцарцәаҩцәеи еицхыраароуп. Сменак аҿы 10-ҩык роуп аус зуа. Хәмашьынак гылоуп, аха ирықәҳартәо дыҟаӡам. Ауаа аусура ааныжьны ицо иалагеит", - иҳәеит Ԥачлиа.
Очамчыра араион амцарцәара аҟәша аиҳабы еиҭеиҳәеит, ақалақь аҩнуҵҟа агидрантқәа рыла иахьынӡеиқәыршәо атәы, урҭ аус шыруа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.